Америка Украинаҟа идәықәнаҵоит „M1 Абрамс“ 31 атанкқәа. Ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Америка ахада Џьо Баиден.
Америка ахада ишиҳәаз ала, атанқәа рдәықәҵареи украинатәи аруаа разыҟаҵареи азы мызқәак аҭаххоит.
Џьо Баиден иажәақәа рыла, Америка Украина ианаҭо ацхыраара Урыстәыла ажәылара акәӡам изызку, ари атехникала украинаа ахатә хьыҧшымра ахьчараҿы ирыцхраауеит. Америка ахада ишазгәеиҭаз ала, урыстәылатәи арбџьармчқәа рхатә ҵакырадгьыл ашҟа ихынҳәыроуп.
Убри адагьы, Џьо Баиден ишиҳәаз ала, НАТО алахәылацәеи апартниорцәеи активла аус еицыруеит украинаа рхатә милаҭ ахьчараан рпозициа иаҳа иҕәҕәазарц азыҳәан.
„Украинаа украинатә дгьыл ахьчараҿы ҳрыцхраауеит. Ари ацхыраара Урыстәыла ажәылараакәӡам изызку. Ҳара аибашьра ахыркәшароуп иаҳҭаху. Урыстәыла ргәы иаанагон ҳара ҳзеидгылом ҳәа, аха, ҳара, зеиҧшҟамлац ала ҳаидгылоуп“, – иҳәеит Џьо Баиден.