Америка Украина иазоунашьҭуеит  $2  миллиард адоллар иаҧсоу арратә цхыраара апакет ҿыц
Америка Украина иазоунашьҭуеит  $2  миллиард адоллар иаҧсоу арратә цхыраара апакет ҿыц

Америка Украина иазоунашьҭуеит  $2  миллиард адоллар иаҧсоу арратә цхыраара апакет ҿыц. Ари атәы аанацҳаит Америка Атәылахьчара аминистрра.

Америка арратә цхыраара апакет ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украина аиуеит    Patriot азы аџьаҧҳаны, 105-мм  203-мм артиллериатә ахыршәқәеи, аҧырҩыдатә авиациатә комплексқәеи.

Америка Атәылахьчара аминистрра аофициалтә дыррақәа рыла, Украинаҿ аибашьра ианалага инаркны иахьанӡа, Америка Украина иазоунашьҭхьеит  39,7 миллиард адоллар еиҳаны арратә цхыраара.

Америка ахада Џьо Баиден ишиҳәаз ала, Америка наҟ-наҟгьы Украина иацхраауеит.