Америка ҧасатәи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Генри Киссинџьер 100 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит
Америка ҧасатәи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Генри Киссинџьер 100 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит. Ари аинформациа аладырҵәеит америкатә АИХқәа.
Генри Киссинџьер Германтәыла, европатәи аҭаацәараҿы диит. 1930-тәи ашықәсқәа рзы иҭаацәара анацисттә Германтәылантә ибналаны, Америкаҟа анхара ииасит.
1960-тәи ашықәсқәа рзы Киссинџьер Америка ахадацәа Ричард Никсони Џьеральд Форди рыбжьагаҩс дыҟан амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы, 1973 – 1977 ашықәсқәа рзы — Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иҭыҧ ааникылон.
Киссинџьер иҽазышәара абзоурала, Америкеи Китаии рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа еиҭашьақәыргылан. Иара убас, иара алагала ду ҟаиҵеит Америкеи Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа реиҕьтәра аус аҿы.
1973 шықәсазы Генри Киссинџьер, Виетнам аибашьра аанкылара аус аҿы иҟаиҵаз алагала ду азыҳәан, Аҭынчразы Нобель ипремиа ианашьан.