Америка ахада иалхрақәа рҿы Адемократиатә партиа аҟынтә акандидат ихьӡ рҳәоит  нанҳәа 19-22 рзы имҩаҧысуа аизараду аҿы
Америка ахада иалхрақәа рҿы Адемократиатә партиа аҟынтә акандидат ихьӡ рҳәоит  нанҳәа 19-22 рзы имҩаҧысуа аизараду аҿы

Америка ахада иалхрақәа рҿы Адемократиатә партиа аҟынтә акандидат ихьӡ рҳәоит  нанҳәа 19-22 рзы имҩаҧысуа аизараду аҿы.

Америка ахада иалхрақәа рҟнынӡа шәымш аанхеит. Џьо Баиден икандидатура анамих ашьҭахь, атәылаҿ зҵакы дуу хҭысқәак мҩаҧысуеит.

АИХқәа рдыррақәа рыла, ҳазну амчыбжь азы Баиден, икандидатура анамих ашьҭахь раҧхьаӡа акәны, амилаҭ рахь ааҧхьара ҟаиҵоит. Иара убас, Адемократиатә партиа Амилаҭтә аизараду арегламент инақәыршәаны, ҧхынгәы 24 рзы апартиа алахәылацәа акандидат ҿыц иалхра апроцесс алацәажәаразы еизоит. Америка ахада иалхрақәа рҿы Адемократиатә партиа аҟынтә акандидат ихьӡ рҳәоит  нанҳәа 19-22 рзы Чикаго имҩаҧысуа аизараду аҿы.

Цәыббра 10 рзы, Адемократиатә партиа аҟынтә акандидат Ареспубликатә партиа аҟынтә акандидат Дональд Трамп адебатқәа рҿы диҧылоит.

Џьо Баиден 2024 шықәсатәи апрезиденттә алхрақәа рҟынтә икандидатура амихын, Адемократиатә партиа аҟынтә Америка ахада иҭыҧаз Камала Харрис лкандидатура дадгылеит.