Америка Ахаҭарнакратә палата аспикер  Ненси Пелоси  Киев  Володимир  Зеленски диҧылеит
Америка Ахаҭарнакратә палата аспикер  Ненси Пелоси  Киев  Володимир  Зеленски диҧылеит

Америка ахаҭарнакратә палата аспикер  Ненси Пелоси, Украина лвизит аан,  Киев,  Украина ахада Володимир  Зеленски диҧылеит. Аиҧылара акадрқәа аладырҵәеит асоциалтә аҳақәа.

«Америка Ахаҭарнакратә палата аспикер  Ненси Пелоси  Киев сылҧылеит. Америка урыстәылатәи агрессиа иаҿагылоу ақәҧараҿы  Украина адгылара аганахьала аҧхьагылара амоуп. Ҳхьыҧшымреи ҳҵакырадгьылтә акзаареи ахьчараҿы шәахьҳацхраауа азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит», — иҩит  Володимир Зеленски.

Мшаҧы  28 рзы Џьо Баиден иадминистрациа Конгресс ашҟа аҳәара ҟарҵеит арратәи, аекономикатәи, агуманитартәи ганахьала Украина ацхрааразы 33 миллиард адоллар алырхырц.