Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа  -  Гварамиеи, Иашвилии,  Дамениеи ирықәырҵаз азыӡба агәыҩбара ҳазнарҵысуеит  Қырҭтәыла ала азакәан аиҳаӡара азгәыкра иадҳәаланы
Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭа  -  Гварамиеи, Иашвилии,  Дамениеи ирықәырҵаз азыӡба агәыҩбара ҳазнарҵысуеит  Қырҭтәыла ала азакәан аиҳаӡара азгәыкра иадҳәаланы

Америка ацҳаражҳәарҭа аҳәамҭа аланарҵәеит   Гварамиеи, Иашвилии,  Дамениеи «Рустави-2» аус иадҳәаланы ирықәырҵаз азыӡба иазкны.

«Гварамиеи, Иашвилии,  Дамениеи иахьа ирықәырҵаз азыӡба агәыҩбара ҳазнарҵысуеит  Қырҭтәыла ала азакәан аиҳаӡара азгәыкра иадҳәаланы,   уи алагьы лабҿаба иубарҭоуп Қырҭтәыла хымҧада ишеиқәыршәатәу ихьыҧшым аӡбаратә система. Ари аус иадҳәаланы аханатәгьы азҵаарақәа иҟан.

Атәыла аиҳабыра ирҿагылоу ауааҧсыра рышьҭацалареи русӡбареи амшала, ажәлар  аполициеи, апрокуратуреи, аӡбарҭеи, аиҳабыра рхаҭеи рахь агәрагара рцәыӡыр ауеит. Қырҭтәыла евроатлантикатә интеграциа арҭбааразы зеиҧшҟамлац алшара анамоу аамҭазы ашьауҕатә ашьҭазаара аполитизациа атәыла  аҧырхагара ду азаанагоит.

Адемократиа иаша ихьыҧшым аӡбаратә системеи АИХ ахақәиҭреи ауп изхьыҧшу. Убри азоуп ҳара еснагь аиҳабыра рахь ааҧхьара зыҟаҳҵо ахадаратә демократиатә принципқәа рыхьчаразы иахәҭоу ареформақәа мҩаҧыргарц», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.

Қарҭ ақалақьтә аӡбара ақәҵара инақәыршәаны,  Ника Гварамиа «Рустави-2» аус азы хышықәсеи фымзи аҭакра иақәырҵеит,  Кахабер Дамениа  50 000 лари ахараҧса иқәырҵеит, Зураб  Иашвили ддыриашеит.

https://www.facebook.com/usingeo/posts/388807246622548