Америка аҳәынҭқарратә департамент Михаил Саакашвили идҳәаланы аҳамҭа аланарҵәеит
Америка аҳәынҭқарратә департамент Михаил Саакашвили идҳәаланы аҳамҭа аланарҵәеит. Аҳәынҭқарратә департамент Жәлар рыхьчаҩ лыла амедицинатә гәыҧ аиҿкаара иадгылоит.
Америка аҳәынҭқарратә департамент Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟарҵоит Саакашвили ишахәҭоу еиҧш изныҟәарц, насгьы Жәлар рыхьчаҩ лыбжьагарақәа ирзыӡырҩырц.
«Ҳара, Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ишизныҟәо ҳацклаҧшуеит. Абри азҵаара иадҳәланы Жәлар рыхьчаҩ лусушьа иазгәаҳҭар ҳҭахуп. Ҳара Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟарҵоит Саакашвили ишахәҭоу еиҧш изныҟәарц, насгьы Жәлар рыхьчаҩ лыбжьагарақәа ирзыӡырҩырц. Иара убас, Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит Михаил Саакашвили аӡбаратә процессқәа зегьы рҿы иҟазаара еиқәдыршәарц. Саакашвили ииашоу аӡбаратә процесс азы азин имоуп, убри аҟынтә, иара аҳәара ҟаиҵар, аӡбаратә процессқәа зегьы рылахәызаара алшара изеиқәыршәатәуп», — иануп Аҳәынҭқарратә департамент аҳәамҭаҿы.