Америка аҳәынҭқарратә департамент атуристцәа рзы еиуеиҧшым атәылақәа ирызкны абжьагарақәа ҟанаҵеит,  Қырҭтәыла, ҧасеиҧш,  зегьы реиҳа ишәарҭам атәылақәа иреиуп 
Америка аҳәынҭқарратә департамент атуристцәа рзы еиуеиҧшым атәылақәа ирызкны абжьагарақәа ҟанаҵеит,  Қырҭтәыла, ҧасеиҧш,  зегьы реиҳа ишәарҭам атәылақәа иреиуп 

Америка аҳәынҭқарратә департамент атуристцәа рзы еиуеиҧшым атәылақәа ирызкны абжьагарақәа ҟанаҵеит.

Ахсаалаҿы  Қырҭтәыла, ҧасеиҧш,  ашәарҭадара 1 акатегориа иаҵанакуа  атәылақәа иреиуп.

Аха, ишазгәаҭоу ала, импыҵахалоу  арегионқәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҿы акриминалтә ҭагылазаашьа цәгьа амшала, ашәарҭадара 4 аҩаӡара иҟоуп. Арҭ арегионқәа рҿы урыстәылатәи арбџьармчқәа гылоуп. Административтә ҳәаақәа рҳәаақәҵара уадаҩуп, убри аҟынтә, арҭ арегионқәа рҿы еиҭаҵуа ауааҧсыра ааныркылар ма ахараҧса рықәырҵар ауеит.