Америка Аҳәынҭқарратә департамент асанкциақәа ркоординациа аҟәша аиҳабы – Қырҭтәыла имҩаҧааго аиҧыларақәа ибзианы аадырҧшуеит ҳареи атәыла аиҳабыреи еиуеиҧшым аусбарҭақәеи ҳусеицура шыҕәҕәоу
«Қырҭтәыла имҩаҧааго аиҧыларақәа ибзианы аадырҧшуеит ҳареи атәыла аиҳабыреи еиуеиҧшым аусбарҭақәеи ҳусеицура шыҕәҕәоу», — иҳәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент асанкциақәа ркоординациа аҟәша аиҳабы Џьеимс О’Браиен Қарҭ имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла авизит хықәкыс иамоуп асанкциақәа рықәныҟәара аиқәыршәара ахырхарҭала Қырҭтәыла аиҳабыра рҟны аусеицура анагӡара.
Џьеимс О’Браиен ишиҳәаз ала, асанкциақәа рхықәкы хада — Урыстәыла аибашьра амҩаҧгаразы иаҭаху атехника аиураҿы аҧырхагахара.
«Уажәы иааркьаҿны исҳәар сҭахуп абарҭ аҽазышәрақәа аҵакы ду зрымоу, ҷыдала Қырҭтәыла аиҳабыра рҟынтәи. Ҳара ҳхықәкы хада — Урыстәыла аибашьра амҩаҧгареи аукраин жәлар рықәхреи азы иаҭаху атехника аиураҿы аҧырхагахара ауп. Ҳара, Америкеи, Британиа Дуи, Евроеидгылеи, аелектронтә техникоуп бжеиҳарала ҳазлацәажәо, избанзар, аурысцәа ари атехника аибашьразы рзы иадырхәоит. Ари ахырхарҭала ҳареи Қырҭтәылеи ҳусеицурагьы абри аҩыза аелектронтә техника ауп изызку. Ацҳаражәҳәаҩ Аиер инарҭбааны ишәзеиҭеиҳәоит ахәаахәҭра аганахьала адинамика шыҧсаххаз. Сара иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳара ахәаахәҭреи атауарқәа реиҭаҵреи ахырхарҭақәа зегьы раанкылара ҳгәы иҭам. Ҳара урыстәылатәи афатәаалыҵи егьырҭ абзазаратә тауарқәеи рзы асанкциақәа шьақәҳаргылом. Ари ахырхарҭала ахәаахәҭра инагӡоит. Ҳара аибашьраҿы зхархәара ҟало атауарқәеи атехникеи ауп ҳазлацәажәо. Ҳара адискуссиа бзиақәа ҳаман, урҭгьы ҳусеицура иаҵанакәеит», — иҳәеит Џьеимс О’Браиен.