Америка аҳәынҭқарратә шәарҭадара ахеилак аспикер – Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит агәымшәара аарҧшны, атәыла ахада лвето иаҧырымхырц
Америка аҳәынҭқарратә шәарҭадара ахеилак аспикер – Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит агәымшәара аарҧшны, атәыла ахада лвето иаҧырымхырц

Америка аҳәынҭқарратә шәарҭадара ахеилак аспикер  Едриенн Уотсон  асоциалтә аҳаҿы,  Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан иақәылҵаз вето дахцәажәеит.

«Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили атәым агентцәа ирызку азакәан вето ақәҵарала Қырҭтәыла евроатлантикатә аҧеиҧш лыхьчоит, сара уи сеигәырҕьоит. Ҳара Қырҭтәыла апарламент алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит  агәымшәара аарҧшны, лвето иаҧырымхырц», — илҩит Едриенн Уотсон.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан вето ақәылҵеит.