Америка афедеративтә аусеилыргаратә маҵзура – Пенсилваниаҿ иҟалаз афакт Донадь Трамп ишьра аҽазкра акәын
Америка афедеративтә аусеилыргаратә маҵзура – Пенсилваниаҿ иҟалаз афакт Донадь Трамп ишьра аҽазкра акәын

Пенсилваниаҿ иҟалаз афакт Донадь Трамп ишьра аҽазкра акәын, – иҳәеит Америка афедералтә аусеилыргаратә маҵзура  Питсбургтәи анҭыҵтәи офицар Кеви Роџьек уажәааны Пенсилваниа имҩаҧгаз апрессконференциаҿы.

„Иахьа хәылбыҽхан Дональд Трамп ишьра аҽазкра ҟалеит“, – иҳәеит Роџьек.

Иара иажәақәа рыла, Дональд Трамп иеихсыз ахаҿы ихаҭара зыршаҳаҭуа агәраргага имам, ихаҭара ашьақәыргылара апроцесс инагӡоит. Насгьы, иара ари ацәгьаура зыҟаиҵаз амзызқәа макьана еилкаам.

Атәыла зегьы аҟынтә „ФБА“ агентцәеи акриминалистцәеи Пенсилваниаҟа идәықәҵоуп.

Америка ҧасатәи ахада Дональд Трамп Батлер ақалақьаҿ идгылаҩцәа рҿаҧхьа данықәгылоз, иеихсит. Тамп ахәра иоуит, аха, иҧсҭазаара ашәарҭара иҭагылам. Амитинг алахәылак дҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа роун, цәгьала иҟоуп.