Амедиа адыррақәа рыла, Украина Џьо Баидени Пиотр Порошенкои ирҿагыланы ашьауҕатә усқәа хьацыркуп
Амедиа адыррақәа рыла, Украина Џьо Баидени Пиотр Порошенкои ирҿагыланы ашьауҕатә усқәа хьацыркуп

 

Украина Џьо Баидени Пиотр Порошенкои ирҿагыланы ашьауҕатә усқәа хьацыркуп. Украинатәи амедиа ари аинформациа аланарҵәеит  Пиотр Порошенко идукат Игор Головань иҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

АИХ адыррақәа рыла,    «5 аканал» иеиҭаз аинтервиу аҿы Украина ҧасатәи ахада идукат иҳәеит абарҭ аусқәа Порошенкои Баидени рыла Украина ҧасатәи апрокурор хада Виктор Шокин иусура аҽалагалара иадҳәалоуп ҳәа.  Иара иажәақәа рыла,  аусқәа хьацыркын жәлар рдепутат Андреи Деркач иҟаиҵаз аҳәамҭа ашьаҭа ала.

Уаанӡа Деркач,  Порошенкои Баидени рҭелтә еиҿцәажәара анҵамаҭа алаирҵәеит.  Деркач ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу анҵамҭа лабҿаба аанарҧшуеит ҧасатәи украинатәи алидер ичарҳәареи жәларбжьаратәи акоррупциеи алахәызаареи.  Порошенко иҳәамҭала,  анҵамҭа ҧаршеиуп.