Амедиа адыррала, украинатәи арбџьармчқәа Урыстәыла ала импыҵахалоу Мелитополь иажәылеит  
Амедиа адыррала, украинатәи арбџьармчқәа Урыстәыла ала импыҵахалоу Мелитополь иажәылеит  

Украинатәи арбџьармчқәа Урыстәыла ала импыҵахалоу Мелитополь иажәылеит.  Ари аинформациа аланарҵәеит  ателееилахәыра  „ВВС“ аурысбызшәатәи абиуро.

Аханатә аинформациа аладырҵәеит аеродром иазааигәаны аҧжәара ҕәҕәа ҟалеит ҳәа, аха, ари аинформациа шьақәырҕәҕәамызт.

Анеҩс, аурыс агентрақәа адыррақәа аладырҵәеит Мелитополь аихамҩатә депо азы инагӡаз аахарақәа ирызкны. Дара ишаарыцҳаз ала, иҭахаз уаҩ дыҟам, аха, ахыбрақәа рацәа аҧхасҭа ду роуит.

Иара убас, ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа ишаарыцҳаз ала, адепоаҿ иҟалаз аҧжәара ҕәҕәа амшала ақалақьи уи иаҧну аиланхарҭақәа рыхәҭаки фымцада иаанхеит.