Амедиа адыррала, Украина 3 миллион адоллар аҵыртыша агараан даанкылоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Всеволод  Книазев
Амедиа адыррала, Украина 3 миллион адоллар аҵыртыша агараан даанкылоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Всеволод  Книазев

Украина 3 миллион адоллар аҵыртыша агараан даанкылоуп Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Всеволод  Книазев, – украинатәи амедиа ари аинформациа аланарҵәеит Антикоррупциатә биуро аинформациа ашьаҭала.

Аусбарҭа адыррала, аусеилыргаратә уснагӡатәқәа инагӡоит. Амедиа адыррала, Украина Иреиҳаӡоу аӡбарҭа даҽа  18ҩык аӡбаҩцәа рҿы аимдара мҩаҧысуеит.

Ишеилкаахаз ала, Книазев аҵыртыша игон аолигарх Константин Жеваго иинтересқәа ирызҿлымҳаз ауааҧсыра рҟынтә.

Украина Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҳәамҭа ишану ала, зыӡбахәы ҳәоу афакт иадҳәаланы, лаҵара  16 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа апленум изаамҭаным аилатәара мҩаҧысуеит.

Всеволод Книазев Украина Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩс аус иуеит  2021 шықәса ҧхынҷкәын 1 инаркны.