Амчылара мап ацәаҳкуеит – Аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аҧхьа имҩаҧысуа акциа [афото]
Амчылара мап ацәаҳкуеит — абри алозунг ала, АИХ ахаҭарнакцәа аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аҧхьа еизеит. Акциа алахәылацәа «ТВ Пирвели» аҭыхҩы Леқсо Лашкарава иҭаацәара ирыдашшылан, ршәара 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа раан ажурналистцәеи аҭыхыҩцәеи рзы амчылара иқәыӡбит.
Актәи аканал ажурналист Қеҭи Ҭуҭбериӡе ишылҳәаз ала, рашәара 5 рзы ажурналистцәа рзы зеиҧшҟамлац агрессиа аарҧшын.
«Абри аҩыза амчылара аибашьра аангьы иҟамызт. Ҳара амчылара иалахәыз мацара ракәымкәа, иҿазҵазгьы рхьырхәра ҳаҳәоит», — илҳәеит Ҭуҭбериӡе.