Алхратә комиссиа хадаҿы Европеи Америкеи иҳәынҭқарратәым асекторқәеи АИХқәеи рхаҭарнакцәеи ҧасатәи адипломатцәеи рҟны аиҧылара мҩаҧган
Алхратә комиссиа хадаҿы Европеи Америкеи иҳәынҭқарратәым асекторқәеи АИХқәеи рхаҭарнакцәеи ҧасатәи адипломатцәеи рҟны аиҧылара мҩаҧган

Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвилии ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Шарабиӡеи  Европеи Америкеи иҳәынҭқарратәым асекторқәеи АИХқәеи рхаҭарнакцәеи ҧасатәи адипломатцәеи ирҧылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Алхратә комиссиа хада.

Акомиссиа адыррала, аиҧылараҿы  2024 шықәсатәи алхрақәа ирылацәажәеит. Алхратә комиссиа хада ахаҭарнакцәа аделегациа алахәылацәа инарҭбаау аинформациа рырҭеит  иҳаракӡоу аҩаӡараҟны, жәларбжьаратәи астандартқәа инрықәыршәаны алхрақәа рымҩаҧгаразы акомиссиа имҩаҧнаго аусура иазкны.

«Иара убас, аиҧылара алахәылацәа, аҭыҧантәи анаҧшратә аиҿкаарақәа ашәҟәы рҭаҩреи аелектронтә алхрақәа рымҩаҧгара иазкны ажәлар аинформациа рыҭареи иазку азҵаарақәа ирзааҭгылеит. Аделегациа алахәылацәа аверификациатә машьынақәа рҧышәареи абыжьқәа рыҧхьаӡареи алшара рыман, дара аимитациатә абжьыҭира рҽаладырхәит», — иануп Алхратә комиссиа хада аинформациаҿы.