Алхратә комиссиа хадаҿы Ҭамар Жваниа лнапынҵақәа шьҭалҵеит ҳәа аларҵәара зауз аинформациа шьақәдырҕәҕәом
Алхратә комиссиа хадаҿы Ҭамар Жваниа лнапынҵақәа шьҭалҵеит ҳәа аларҵәара зауз аинформациа шьақәдырҕәҕәом.
Акомиссиаҿы иҟоу ауаажәларр рҟны аимадара амаҵзураҟынтә Актәи аканал ишазаарыцҳаз ала, Ҭамар Жваниа аусура налыгӡоит, Алхратә комиссиа хада данапхгаҩуп.
Ҭамар Жваниа ари аҭыҧ аанылкылоит 2013 шықәса инаркны. 2018 шықәса ҧхынҷкәын 24 рзы акомиссиа ахантәаҩыс деиҭалырхит.