Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили жьҭаара  26 рзы имҩаҧысуа алхрақәа ирыдҳәаланы аихшьаалатә брифинг мҩаҧигеит
Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили жьҭаара  26 рзы имҩаҧысуа алхрақәа ирыдҳәаланы аихшьаалатә брифинг мҩаҧигеит

 

Алхратә администрациа, азакәан инақәыршәаны, иаартны, апрофессионалтә аҩаӡара ҳаракы аҿа, раҧхьатәи зымҽхак дуу амодернизациатә алхрақәа рхылаҧшра иазыхиоуп, арҭ алхрақәа рҿы алхыҩцәа  90%  амаҵзура роуеит аелектронтә хархәагақәа рыла, алхыҩцәа 10% рбиллиутеньқәа абжьыҭира ашьҭахь иҧхьаӡацыркхоит, – иҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили жьҭаара  26 рзы имҩаҧысуа алхрақәа ирыдҳәаланы имҩаҧгаз аихшьаалатә брифинг аҿы.

„ Алхратә процесс иацклаҧшуеит  76 иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҟынтә  1700ҩык иреиҳаны анаҧшцәеи,  111 аҭыҧантәи аиаҿкаарақәа рҟынтә  23 000ҩык иреиҳаны анаҧшцәеи, иара убас, апроцесс иазааҭгылоит  199 амедиа аиҿкаарақәа  2800ҩык иреиҳаны рхаҭарнакцәа“, – иҳәеит Гьаргь Каландаришвили.

Иара иажәақәа рыла, Алхратә комиссиа хада атәылаҿацәтәи араионтәи алхратә комиссиақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит азакәан аҳәарақәа зегьы ирышьашәаланы, алхрақәа рыцклаҧшреи амедиаҿы раарҧшреи апроцесс иацхраарц.

„Зынӡа алхыҩцәа рымаҵ руеит  3 111 алхырҭақәа. Қырҭтәыла иаартуп  3 044 алхырҭақәа, урҭ рҟынтә 12 апенитенциартә усбарҭақәа рҿы, акы –  аҧсихикатә гәабзиара ацентр аҿы. Аҳәаанырцә  – 42 ҳәынҭқаррақәа рҿы, 53 ақалақьқәа рҿы иаартуп 67 алхырҭақәа. Аелектронтә технологиақәа рхархәарала Қырҭтәыла абжьыҭира мҩаҧгахоит  2 263 алхырҭақәа рҿы, егьырҭ алхырҭақәа рҿы, иара убас, аҳәаанырцәгьы, абжьыҭира мҩаҧгахоит атрадициатә апҟарала.

Алхырҭақәа аартхоит асааҭ  06:45 рзы. Абжьыҭира апроцесс иалагоит асааҭ  08:00 рзы. Алхыҩцәа ирымазароуп Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа агәраргага, ма Қырҭтәыла атәылауаа итәылауаҩшәҟәы.

Жьҭаара 26 рзы имҩаҧысуа алхрақәа рҿы абжьыҭира иалахәхәоит  3 508 294ҩык алхыҩцәа. Аелектронтә технологиақәа рхархәарала абжьыҭира рхы аладырхәоит  3 113 747ҩык алхыҩцәа. Егьырҭ атәылақәа рҿы еиҿкаау алхырҭақәа рсиақәа ирнуп  95 910ҩык алхыҩцәа.

Абыжьқәа зыҧхьаӡо аппарат абыжьқәа аҧхьанаӡоит автоматтә режимла, абжьыҭира ахыркәшара ашьҭахь, хымҧадатәи апроцедурақәа рымҩаҧгара ашьҭахьҵәҟьа, аппарат ала икьыҧхьхоит абжьыҭира заанаҵтәи алҵшәақәа, арҭ алҵшәақәа, апланшетла, Алхратә комиссиа хадахь идәықәырҵоит. Уи абзоурала, заанаҵтәи алҵшәақәа рцәыргаразы акырӡа иаҳа имаҷны аамҭа аҭаххоит, абжьыҭира ашьҭахь 1-2 сааҭк ирылагӡан, ауааҧсыра раҧхьатәи заанаҵтәи алҵшәақәа рызцәыраагоит. Иара убас, изҭаху ауаа зегьы адыррақәа рбар рылшоит авебдаҟьа  results.cec.gov.ge“ аҿы, – иҳәеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы.

Каландаришвили даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит  абжьыҭира шымаӡоу, абжьыҭира ахьымҩаҧысуа акабинаҿ афотои авидеои аҭыхра шыҟамло.