Алхратә комиссиа хада ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟанаҵоит алхыҩцәа рсиаҿ адыррақәа цқьа игәаҭаны, абжьыҭира иахьрыхәҭоу еилыркаарц
Жьҭаара 26 рзы Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәеи Сакребуло абжьаратә алхрақәеи мҩаҧысуеит. Алхыҩцәа 90% рыбжьы арҭоит аелектронтә технологиақәа рхархәарала. Алхратә комиссиа хада ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟанаҵоит алхыҩцәа рсиаҿ адыррақәа цқьа игәаҭаны, абжьыҭира иахьрыхәҭоу еилыркаарц.
„Алхратә реформа аҳәаақәа ирҭагӡаны, алхырҭақәа рҿы алхыҩцәа рхыҧхьаӡара азҳара иадҳәаланы, алхырҭақәак иаҳа идухеит. Убри аҟынтә, алхыҩцәа рыхәҭак, абарҭ алхрақәа рҿы ҧасатәи алхрақәа иреиҧшымкәа, даҽа локациак аҿы абжьыҭира рықәшәоит. Убри аҟынтә, алхыҩцәа, иаамҭаны рхатә дыррақәа цқьа игәаҭаны, ралхырҭа иахьыҟоу еилыркаароуп“, – ирҳәеит Алхратә комиссиа хадаҿы.
Дара ражәақәа рыла, алхыҩцәа рсиа ариашаразы аҳәара ҟаҵазар ауеит жьҭаара 8нӡа.
Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә ахҵәацәа, Қырҭтәыла атәылауаҩ ихаҭара зыршаҳаҭуа агәраргагаҿ ма агентра адыррақәа рбазаҿ рҭыӡҭыҧ Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иарбазар, алхыҩцәа иаку рсиа ианылоит фактла иахьынхо аҭыҧ инақәыршәаны.