Алхратә комиссиа хада – Аполитикатә партиақәак Венециатәи акомиссиа аихшьаала рхы иадырхәоит алхратә администрациа аҳаҭыр аларҟәразы
Қырҭтәыла алхратә администрациа Венециатәи акомиссиа аихшьаала иадҳәаланы ишазгәарҭаз ала, алхратә администрациа аҳаҭыр аларҟәра иазку даҽа кампаниак иалагеит.
Аҳәамҭа ишану ала, ари азҵаара иазҿлымҳау аганқәа акомиссиа аихшьаала аҵакы ииашамкәа аадырҧшуеит.
Дара ражәақәа рыла, алхратә администрациа азакәанра иазку адискуссиа еиҭалагеит, аха, « аихшьаалаҿы уи ианӡам».
«Алхратә администрациа аҳаҭыр аларҟәра иазку даҽа кампаниак иалагеит. Еиуеиҧшым аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәа Венециатәи акомиссиа аихшьаала рхы иадырхәоит алхратә администрациа аҳаҭыр аларҟәразы.
Ари азҵаара иазҿлымҳау аганқәа акомиссиа аихшьаала аҵакы ииашамкәа аадырҧшуеит. Дара ражәақәа рыла, алхратә администрациа азакәанра иазку адискуссиа еиҭалагеит, аха, аихшьаалаҿы уи еиҧш акгьы анӡам.
Ари азҵаара иазҿлымҳау аганқәа зегьы ибзиаӡаны ирдыруеит Алхратә комиссиа алахәылацәа зегьы рзинчмқәа шынарыгӡо азакәан инақәыршәаны. Алхратә администрациа еиҧҟьарада аусура нанагӡоит, алхрақәа рмодернизациа апроцесс қәҿиарала имҩаҧысуеит. Алхратә администрациа иаҭаху зегьы ҟарҵоит атәылаҿы жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу алхрақәа рымҩаҧгареи ари апроцессаҿ аелектронтә алхратә технологиақәа қәҿиарала раларҵәареи азыҳәан.
Аполитикатә субиектқәеи алхратә процесс иалахәы егьырҭ аганқәеи рахь даҽазнык ааҧхьара ҟаҳҵоит Алхратә комиссиа хада аусушьа ахәшьара арҭарц акомиссиа имҩаҧнаго аусура мацара ашьаҭала, рхатә политикатә хықәкқәа рымшала алхратә процесс иаҧырхагамхарц, избанзар алхрақәа – зегьирзеиҧшу усуп, алхратә процесс қәҿиарала амҩаҧгара – зегьирзеиҧшу аинтересқәа ирыҵанакуеит», — иануп аҳәамҭаҿы.