Алхратә комиссиа хада – Аполитикатә ф-партиак Ахымҩаҧгашьа азакәанеидкыла рнапы аҵарҩит
Жьҭаара 26 рзы имҩаҧысуа апарламенттә алхрақәа рзы ашәҟәы иҭагалоу 27 апартиақәа рҟынтә аполитикатә ф-партиак Ахымҩаҧгашьа азакәанеидкыла рнапы аҵарҩит.
Алхратә комиссиа адыррақәа рыла, Ахымҩаҧгашьа азакәанеидкыла рнапы аҵарҩит абарҭ апартиақәа — «Иҧсах Қырҭтәыла», «Европатәи адемократцәа», «Аиашаразы», «Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла», «Ахҧатәи амҩа», «Иаку ҳ-Қырҭтәыла».
«Алхратә администрациазы аҵакы ду амоуп 2024 шықәсатәи алхрақәа ирылахәы асубиектқәа зегьы жәларбжьаратәи азхаҵара змоу апринципқәа рыла реидкылара. Ари апроцессаҿ, алхратә администрациа, ихьыҧшым аорган аҳасабала, ахатә компетенциақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, атәылаҿ алхратә культура аҿиара иацхраауеит.
Алхратә администрациа ахаҭарнакцәа аполиткиатә партиақәа рзы аус здырулаз Ахымҩаҧгашьа азакәанеидкыла еиқәыршәоуп иреиҕьу жәларбжьаратәи апрактика иазҧхьагәаҭаны, 2024 шықәсазы Европарламентахь имҩаҧгаз алхрақәа рпринцип ашьаҭала.
Аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәа азакәанеидкыла рнапы аҵарҩыр рылшоит цәыббра 9 инаркны. Адокумент аргама ицәыргоуп, уи жәбар шәылшоит асаит аҿы«, — иануп Алхратә комиссиа хада аинформациаҿы.