Алхратә комиссиа хада  - Алхратә администрациа аусзуҩцәа рықәыҕәҕәара  аинтенсивтә ҟазшьа аиуит, џьоукы ҭелла ирзасны ишакәым ала ирацәҳауеит, ма ақәмақарратә шьҭымҭақәа рзаарышьҭуеит
Алхратә комиссиа хада  - Алхратә администрациа аусзуҩцәа рықәыҕәҕәара  аинтенсивтә ҟазшьа аиуит, џьоукы ҭелла ирзасны ишакәым ала ирацәҳауеит, ма ақәмақарратә шьҭымҭақәа рзаарышьҭуеит

Жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз алхрақа рдискриминациа инаваргыланы, алхратә администрациа аусзуҩцәа рықәыҕәҕәарагьы аинтенсивтә ҟазшьа аиуит, – илҳәеит Алхратә комиссиа хада апресс-спикер Наҭиа Иоселиани иахьатәи абрифинг аҿы.

Иоселиани лҳәамҭала, алхратә комиссиақәа зегьы, аҳәаанырцә иҟоу акомиссиақәагьы рылахәылацәа ирықәыҕәҕәоит.

„Иазҿлымҳау аганқәа ҧасатәи алхрақәа раан рхы иадырхәоз  атактика уажәгьы рхы иадырхәоит. Алхратә комиссиақәа зегьы, аҳәаанырцә иҟоу акомиссиақәагьы рылахәылацәа ирықәыҕәҕәоит. Ари апроцесс  аинтенсивтә ҟазшьа аиуит, џьоукы ҭелла ирзасны ишакәым ала ирацәҳауеит, ма ақәмақарратә шьҭымҭақәа рзаарышьҭуеит.

Ҳара изныкымкәа иаҳҳәахьеит ҳколлегацәа  рзакәантә зинқәа шыҳахьчо, уажәгьы ишьақәҳарҕәҕәоит Алхратә администрациа ахатә ажәа шынанагӡо. Ҳара зегьы агәҽанҵара раҳҭоит,  азакәан иашьашәалам аҵәҵәа цыҧхьаӡа иашьашәалоу аорганқәа рахь идәықәаҳҵоит“, – илҳәеит Иоселиани.