Алеқсеи Резников – Херсонынтә арбџьармчқәа ралгаразы Урыстәыла мчыбжьык еиҵамкәа аҭаххоит
Алеқсеи Резников – Херсонынтә арбџьармчқәа ралгаразы Урыстәыла мчыбжьык еиҵамкәа аҭаххоит

Украина атәылахьчара аминистр ишиҳәаз ала, Херсонынтә арбџьармчқәа ралгаразы Урыстәыла мчыбжьык еиҵамкәа аҭаххоит. Резников ари аҳәамҭа ҟаиҵеит агентра Reuters аинтервиу анеиҭоз.

Аминистр иажәақәа рыла, Урыстәыла анапхгара ахьаҵра иазкны аҳәамҭа шыҟарҵазгьы,   уажәазы Хенсонтәи атәылаҿацәаҿ  40 нызқьҩык раҟара аурыс аруаа иҟоуп. Украина атәылахьчара аминистр игәаанагарала, Урыстәыла Запорожтәи атәылаҿацә аҿгьы ахатә позициақәа арҕәҕәоит.

Иара убас, Резников ишазгәеиҭаз ала, аӡынразы арратә активра маҷхоит, Украинатәи арбџьармчқәа ари аамҭа рхы иадырхәоит аҽеихшареи, арҿыцреи, арҕәҕәареи азы.