Алеқсеи Резников Рада арзаҳал алеиҵеит Украина атәылахьчара аминистр иаҳасабала инапынҵақәа рышьҭаҵара иазкны
Алеқсеи Резников Рада арзаҳал алеиҵеит Украина атәылахьчара аминистр иаҳасабала инапынҵақәа рышьҭаҵара иазкны

Алеқсеи  Резников Рада арзаҳал алеиҵеит Украина атәылахьчара аминистр иаҳасабала инапынҵақәа рышьҭаҵара иазкны. Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Резников ари атәы иҩит   «Твиттер» аҿы.

«Украина ахада Владимир Зеленски иӡбара анагӡаразы Рада арзаҳал аласҵеит снапынҵақәа рышьҭаҵара иазкны. Аҳасабырбара сазыхиоуп», — иҩит  Резников.

Резников иҳәамҭала,  550 мшы аибашьраан Украина иазыхынҳәит Урыстәыла ала импыҵахалаз  аҵакырадгьылқәа рҟынтә 50%.

Резникова иажәақәа рыла,  22 мза инагӡо аибашьраан иара иҿаҧхьа иқәгылаз аҳасабтәқәа зегьы наигӡеит.

Уажәазы иҟоу аинформациала, Резников ицынхәрас Украина атәылахьчара аминситрс дҟарҵар ҟалап  Рустем Умеров, уажәы иара Аҳәынҭқарратә мал афонд дахагылоуп.