Алеқсеи Данилов – Қырҭтәыла анапхгара, Урыстәыла ала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа аукраин жәлар рхарџьла идырхынҳәыр рҭахуп, аха, уи аамҭазы, Украина атәылауаҩ Михаил Саакашвили ддыргәаҟуеит
«Қырҭтәыла анапхгара, Урыстәыла ала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа аукраин жәлар рхарџьла идырхынҳәыр рҭахуп, аха, уи аамҭазы, Украина атәылауаҩ Михаил Саакашвили ддыргәаҟуеит», — иҳәеит Украина Ашәарҭадареи ахыхьчареи ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Алеқсеи Данилов.
«Иахьа Қырҭтәыла ахада лҳәамҭа ҳаҳаит. Ҳареи Урыстәылеи аҭынчратә аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ҳгәы иҭоушәа лҳәеит. 2008 шықәсазы Урыстәыла ала импыҵахалаз Қырҭтәылатәи арегионқәагьы рылацәажәара ҳахәҭоушәа лҳәеит, уи деиҧхыӡуазар ҟалап. Хәажәкыразы санықәгылоз, ҳашьцәа ақырҭуаа ирасҳәеит, шәхацхраа, аус еицаауп ҳәа, аха, усҟан дара ҿырымҭит, уи еиҳангьы, русқәа сҽалазгалоит ҳәа гәыбҕан сырҭеит.
Уажәы ҳиааира лхы иалырхәар лҭахуп, ус ахәҭоуп ҳәа лгәы иаанагоит. Иахәҭазаргьы ҟалап, аха, ҳтәылауаа уаҩҵас ирызныҟәароуп. Ишәгәаласыршәар сҭахуп ҳтәылауаҩ Михаил Саакашвили абахҭа дышҭаку, пату ҳақәырҵозҭгьы, ҳтәылауаҩ дмыргәаҟкәа, Киевҟа даҳзаарышьҭуан. Ганкахьала – ҳара ҳшьала рыдгьылқәа дырхынҳәыр рҭахуп, егьи аганахьала – ҳтәылауаа раҳаҭыр ладырҟәоит, ус изыҟалом», — иҳәеит Данилов.
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили агентра Bloomberg иалҭаз аинтервиу аҿы ишылҳәаз ала, «Урыстәыла ахатә аҳәаақәа ахьыҟоу адыруазароуп, Қырҭтәыла азҵаара актуалра амазароуп, избанзар, аӡәгьы игәы иаанамгааит Урыстәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа зегьы ирылҵаанӡа ари аибашьра азҵаара ӡбахоит ҳәа».