Алеқсандр Виников – Евроеидгыла алалара апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟоу апрогресс НАТО алаларазгьы прогрессуп, ақырҭуа ҳҩызцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит абри алшара рхы иадырхәарц

15:50, 30.09.2023

 

Ақырҭуа ҳҩызцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит  Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны уажәазы ирыму алшара рхы иадырхәарц, – иҳәеит НАТО Аидгылаҩцәа рофис анапхгаҩы Алеқсандр Виников.

Иара ишиҳәаз ала,   Евроеидгылара алалара апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟоу апрогресс НАТО алаларазгьы прогрессуп.

„НАТОи Евроеидгылеи хаз-хазы иҟоу аиҿкаарақәоуп, аха,   Евроеидгылара алалара апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟоу изакәызаалак  апрогресс НАТО алаларазгьы прогрессуп. Аҩ-аиҿкаарак ирзеиҧшу апринципқәа шьаҭас ирымоуп адемократиеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, азакәан аиҳаӡареи.  НАТОи Евроеидгылеи рылахәызаара иазҿлымҳау иарбанзаалак атәыла абарҭ апринципқәа ирықәныҟәалароуп. Ақырҭуа ҳҩызцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит  Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны уажәазы ирыму алшара рхы иадырхәарц“, – иҳәеит Алеқсандр Виников.

 

Еиԥшу