Алеқсандр Шалленберг – Ҳара еилыккаа иҳҳәароуп Молдовеи, Аахыҵ Кавкази, Мраҭашәаратә Балканқәеи мраҭашәаратә дунеи ишалахәы
Алеқсандр Шалленберг – Ҳара еилыккаа иҳҳәароуп Молдовеи, Аахыҵ Кавкази, Мраҭашәаратә Балканқәеи мраҭашәаратә дунеи ишалахәы

«Ҳара еилыккаа иҳҳәароуп Молдовеи, Аахыҵ Кавкази,  Мраҭашәаратә Балканқәеи мраҭашәаратә дунеи ишалахәы», — иҳәеит Австриа адәныҟатәи аусқәа рминистр Алеқсандр Шалленберг Братислава имҩаҧысуа афорум аҿы.

Амодератор иара диазҵааит Украина астатус анашьара дақәшаҳаҭхома ҳәа.

«Евроеидгыла еилыкка аанарҧшыроуп Украиана европатәи аҭаацәара ишалахәы,  аха,  акоуп сзыргәамҵуа  — асимволизм.  Ус баша,  асимволтә ҵакы аҵаҵаны абри аҩыза ашьаҿа аҟаҵара ииашахом. Ҳара хымҧада иазҧхьагәаҳҭароуп Москва Украина мацараҿ иаанымгылар шыҟало.  Сара Молдовеи,  Аахыҵ Кавкази,  Мраҭашәаратә Балканқәеи роуп сызлацәажәо.  Ҳпозициа абас ауп ишыҟоу  — ҳара еилыккаа иҳҳәароуп абарҭ арегионқәа мраҭашәаратә дунеи ишалахәы,  зхы иақәиҭу адунеи ишалахәы.  Абарҭ атәылақәа ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра ма аекономикатә интеграциа рызхом,  избанзар,  Балканқәа шәрыхәаҧш,  ҳара  19 шықәса раҧхьа шәҳадаҳкылоит ҳәа раҳҳәеит,   иахьазы дара ргәы каҳаны иҟоуп. Мраҭашәаратә Балканқәа тәылақәак рҿы Урыстәыла апопулиарра ду амоуп.   Сербиа  Путин —  зегьы раасҭа ипопулиару политикуп. Бриуссель ари афактор иаргәамҵроуп,  уажәгьы абри аҩыза агха ҟаҳҵар ҟалом», — иҳәеит  Шалленберг.