Алеқсандр Дарахвелиӡе  - Аполициа иаҭаху зегьы ҟанаҵоит аҳәса рбертыҧаҿ иҟалаз аинцидент зхароу ауааҧсыра иџьбароу ахьырхәра роурц азыҳәан
Алеқсандр Дарахвелиӡе  - Аполициа иаҭаху зегьы ҟанаҵоит аҳәса рбертыҧаҿ иҟалаз аинцидент зхароу ауааҧсыра иџьбароу ахьырхәра роурц азыҳәан

«Аполициа иаҭаху зегьы ҟанаҵоит аҳәса рбертыҧаҿ иҟалаз аинцидент зхароу ауааҧсыра иџьбароу ахьырхәра роурц азыҳәан», — иҳәеит Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ  Алеқсандр Дарахвелиӡе.

Иара иажәақәа рыла, азинхьчаратә усбарҭақәа амчылара зхароу ахаҿқәа рзы иџьбароу ашьауҕа-зинтә политика мҩаҧыргоит.

« 2017-2018 шықәсқәа рышьҭахь азакәанҧҵара иҧсахын,  5000 раҟара аусқәа рзы аусеилыргара иалагоит.  Абахҭақәа ирҭаку реиҳара амчыларазы ахара рыдуп. Ари ахырхарҭала иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит, аха, ахьырхәра мацара алҵшәа ахылҵуам. Ари азҵаараҿы ауаажәларра рылахәызаара аҵакы ду амоуп. Ауаажәларра алахәыла цыҧхьаӡа еиликаароуп амчылара  ишхьымӡҕу, ажәлар ҿымҭ ацәгьауцәа ирыдгылар ҟалом.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы акампаниа ду ҳалагеит. Ауаа ҳрацәажәоит  —  иҟаҵатәу, ажәлари АИХи инарыгӡар ирылшо ароль, амчылара зхызгаз ауаа рыцхраара уҳәа, еиуеиҧшым азҵаарақәа ҳрылцәажәоит», — иҳәеит  Алеқсандр Дарахвелиӡе.