Алеқсандр Дарахвелиӡе  - Акциа алахәылацәа азинхьчаҩцәа рхырхарҭала изныкымкәа агрессиа аадырҧшит, азинхьчаҩцәа ихьанҭоу амаҭәарқәа ргәыдырҵон
Алеқсандр Дарахвелиӡе  - Акциа алахәылацәа азинхьчаҩцәа рхырхарҭала изныкымкәа агрессиа аадырҧшит, азинхьчаҩцәа ихьанҭоу амаҭәарқәа ргәыдырҵон

«Ҭынч апротест аҟаҵара алшара шрымазгьы, акциа алахәылацәа аполицаицәа рықәлара  нарыгӡон», — иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ  Алеқсандр Дарахвелиӡе Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

«Даҽазнык аргама иааҳацҳауеит азинхьчаратә органқәа русзуҩцәа ахьымӡҕ рыргареи, ржәылареи, дара рхырхарҭала иарбанзаалак амчылареи шыҟамло. Аминистрра абри аҩыза афактқәа зегьы ирықәҿнаҭуеит.

Русҭавели имҩадуаҿ азинхьчаҩцәа  63ҩык ааныркылеит ахулиганреи аполициа аусзуҩцәа рыҳәара анамгӡареи азыҳәан.

Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҳҭоит Русҭавели имҩадуаҿ имҩаҧысуаз акциаан фҩык аполицаицәа аахақәа шроуз. Арҭ афактқәа рзы аусеилыргара мҩаҧысуеит.