Ален Симониан – Шәамахьтәыла аҧыза-министр Владимир Путин иинаугурациашҟа дцом
Ален Симониан – Шәамахьтәыла аҧыза-министр Владимир Путин иинаугурациашҟа дцом

Шәамахьтәыла аҧыза-министр  Никол Ҧашиниан Владимир Путин иинаугурациашҟа дцом. Амилаҭтә аизара ахантәаҩы Ален Симониан ари ари аҳәамҭа ҟаиҵеит ажурналистцәа данрацәажәоз.

«Ҳара, аҳәынҭқарра-аицхантәаҩы аҳасабала  Евразиатәи аекономикатә еидгыла ҳхы алаҳархәыроуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Симониан.

Уаанӡа  Чехиеи, Естониеи, иара убас, Латвиеи ишьақәдырҕәҕәеит дара рхаҭарнакцәа лаҵара  7 рзы имҩаҧысуа аинаугурациашҟа ишымцо.

Евроеидгыла адәныҟаполитикатә усбарҭа  анапхгаҩгьы иҳәеит Евроеидгыла ахаҭарнакцәа Путин иинаугурациашҟа рдәықәлара  дшақәшаҳаҭым.