Алексеи Данилов – Ақырҭуааи Молдовеи рҵакырадгьылқәа рхақәиҭтәра иалагазҭгьы,  ҳара ари азҵаара ирласӡаны иҭыҧ иқәаҳҵон, аха,  арҭ атәылақәа реиҳабырақәа роуп уи зыӡбаша
Алексеи Данилов – Ақырҭуааи Молдовеи рҵакырадгьылқәа рхақәиҭтәра иалагазҭгьы,  ҳара ари азҵаара ирласӡаны иҭыҧ иқәаҳҵон, аха,  арҭ атәылақәа реиҳабырақәа роуп уи зыӡбаша

 

«Ахҧатәи адунеитә еибашьра иалагеит  2008 шықәсазы, Урыстәыла Қырҭтәыла иажәыланы рҵакырадгьыл хәҭак анага», — иҳәеит Украина Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Алексеи Данилов.

«Ахҧатәи адунеитә еибашьра иалагеит  2008 шықәсазы, Урыстәыла Қырҭтәыла иажәыланы рҵакырадгьыл хәҭак анага. Анеҩс,  2014 шықәсатәи ахҭысқәа ҟалеит. Уажәы,  2022  шықәса жәабран 24 инаркны,  ари аибашьра активтә стадиашҟа ииасит.  Уажәы Израили егьырҭ атәылақәеи рҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа абри аҭагылазаашьа иахылҵит. Агәра ганы сыҟоуп ҳара иҵегьы имаҷымкәа аибашьрақәа шаабо. Адунеи зегьы аҽеиҭанакит…ари аибашьра адунеи зегьы иахымҵәарц азыҳәан, излауа ала ирласны акәаҧ ҳаргылароуп», – иҳәеит Данилов.

Иара иажәақәа рыла, Украина аибашьра анымҩаҧысуа аамҭазы  ақырҭуааи Молдовеи рҵакырадгьылқәа рхақәиҭтәра иалагазҭгьы,  дара ари азҵаара ирласӡаны иҭыҧ иқәырҵон.

«Украина аибашьра ианалагаҵәҟьа спозициа аасырҧшит.  Украина аибашьра анымҩаҧысуа аамҭазы  ақырҭуааи Молдовеи рҵакырадгьылқәа рхақәиҭтәра иалагазҭгьы,  ҳара ари азҵаара ирласӡаны иҭыҧ иқәаҳҵон. Аха,  арҭ атәылақәа реиҳабырақәа роуп уи зыӡбаша. Ҳара ари аибашьраҿы аиааира анаҳгалак дара ирласӡаны рҵакырадгьылқәа дырхынҳәуеит ҳәа ргәы иаанагоит. 2008 шықәсазгьы 2014 шықәсазгьы адунеи зегьы Путин иахәҭоу аҭак ирҭазҭгьы,  ацәыӡ иаҳа имаҷхон ҳәа сгәы иаанагоит. Аха, уи уажәшьҭа  аҭоурыхаҿ иаанхеит. Ҳара ҳус ҟаҳҵароуп, аҳа аҕа ҳаиааироуп», — иҳәеит  Данилов.