Алексеи Арестович инапынҵақәа шьҭеиҵоит
Алексеи Арестович инапынҵақәа шьҭеиҵоит

Украина ахада иадминистрациа абжьагаҩ Алексеи Арестович инапынҵақәа рышьҭаҵара иазкны арзаҳал иҩит. Ари атәы уи асоциалтә каҭаҿы ааицҳаит.

Арестович инапынҵақәарышьҭаҵара иазку арзаҳал ахада иапарат аиҳабы Андреи Ермак иофис алаиҵеит.

“Ацивилизациатә хныҟәгашьа ишәсырбар сҭахуп: апринциптә гха, анапынҵақәа рышьҭаҵара”, -иҩит Арестович.

Украина ахада иадминистрациа абжьагаҩ Алеқсеи Арестович ааицҳаит украинатәи ақалақь Днипро  анхарҭатә ҩны  украинатәи аҳаирхьчаратә системала икажьыз аракета аҧҽыхақәа ақәҳазшәа, ари аракета  акаҳараан иҧжәазшәа.

Ажьырныҳәа 14 рзы урыстәылатәи арбџьармчқәа еиҭах Украина атәылауаҩратә инфраструктура иажәылеит, украинатәи ақалақьқәа ирыларыжьит 38 аракетақәа, урҭ руакы, аракета  Х-22 Днипро ақалақьаҿ анхарҭатә ҩны иақәҳаит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, уаҟа иҭахеит 30-ҩык.

Иахьа Украина ахада иофис абжьагаҩ Алексеи Арестович Днипро ауаԥсыра рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаиҵеит.