Александр Вучич Михеил Ҟавелашвили ахадас иалхра идиныҳәалан, Сербиашҟа дааиԥхьеит
Александр Вучич Михеил Ҟавелашвили ахадас иалхра идиныҳәалан, Сербиашҟа дааиԥхьеит

Қырҭтәыла ахадас алхра ишәыдаҳныҳәалоит. Пату зқәу, аҭакԥықәрақәа зду шәхыдҵақәа иҟәыӷаны рынагӡара шәзеиӷьасшьоит. Қырҭтәыла атәылауаа рмышхәбзазара хықәкыс измауа шәусзурала,  агәрагара аԥсахара шәылшоит ҳәа ҳгәы иаанагоит,- иануп Сербиа ахадаАлександр Вучич идныҳәалараҿ.

Вучич ишазгәеиҭо ала, Михил Ҟавелашвили ихадараан Сербиеи Қырҭтәылеи рыбжьара еиуеиԥшым ахырхарҭала аусеицуразы алшара ҿыцқәа шцәырҵуа агәра игоит.