Александр Лукашенко ишааицҳаз,  Урыстәыла иҟоу ахҭысқәа ҳасаб рзуны ар рҽаздырхиарц рылеиҳәеит
Александр Лукашенко ишааицҳаз, Урыстәыла иҟоу ахҭысқәа ҳасаб рзуны ар рҽаздырхиарц рылеиҳәеит

Беларусь ахада Александр Лукашенко Урыстәыла иҟоу ахҭысқәа ҳасаб рзуны ар рҽаздырхиарц рылеиҳәеит  Лукашенко ари ааицҳаит афицарцәа рҳамҭатәра ацеремониаҿ.

Лукашенко иажәақәа рыла, иахьа Беларуси адунеи рҭоурых аҿы имариам аамҭақәа шьақәгылеит.

„Иахьа иҟоу аглобалтә аимак ҿыц абри еиԥш ашәарҭа ахаан иҟамызт.  Ҳтәыла, ҳрегион зегьы аԥжәара, аилаҩынтра, зхатә аиҿкаашьа ашьақәыргылара зҭаху рацәаҩуп. Урҭ рҵасқәа, реиҿкаашьа шьақәдыргылар, ҳмилаҭқәа иқәххоит. Аҭоурых иадыруеит абеларусцәа рыԥсадгьыл шырыхьчо. Ҳара иарбанзаалак ауадаҩрақәа ҳариааиуеит“, – иҳәеит Лукашенко.