Алеко Елисашвили ишиҳәаз ала, иахьатәи аиҧылараҿы еиқәшаҳаҭхар, иара апарламент далалоит
Алеко Елисашвили ишиҳәаз ала, иахьатәи аиҧылараҿы еиқәшаҳаҭхар, иара апарламент далалоит

Апартиа  «Атәылауаа» алидер Алеко Елисашвили ишиҳәаз ала, апарламент аҿы даҽа еиҧыларак мҩаҧигоит, аганқәа еиқәшаҳаҭхар иара апарламент далалоит.

Иара иажәақәа рыла, Ивери Мелашвилии Наталиа Иличевеи рхақәиҭтәра ашьҭахь,  «Ақырҭуа гәахәтәы» рахь иаҳа агәрагара имоуп.

«Абри ахҭысгьы аиҿцәажәаратә процесс иабзоуроуп, агәрагара аиҭашьақәыргыларазы ашьаҿа бзиа ҟаҵоуп.  Ҳара егьырҭ азҵаарақәа рзгьы ҳаиқәшаҳаҭхар ҳалшоит. Алхратә закәан иадҳәаланы исҳәар сҭахуп  —  Қырҭтәыла  30 шықәса рыҩнуҵҟа ари азҵаара рзырымӡбеит, аха, уажәы, абри акабинет аҿы, аиқәшаҳаҭхаразы ашанс ҳамоуп,  уи ҳзыҟаҵар, сара апарламент салалоит», — иҳәеит Елисашвили.