Алегендартә ақырҭуа хыцла ахысҩы Қеҭеван Лосабериӡе лыҧсҭазаара далҵит
Алегендартә ақырҭуа хыцла ахысҩы Қеҭеван Лосабериӡе лыҧсҭазаара далҵит

Алегендартә ақырҭуа хыцла ахысҩы Қеҭеван Лосабериӡе 72  шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит. Лара Олимпиатә чемпионын (1980), адунеи Европеи ачемпионатқәеи еиуеиҧшым жәларбжьаратәи турниорқәеи рҿы аиааира лгахьан, 2002-2005 шықәқәа рзы Қырҭтәыла Хыцла ахысразы амилаҭтә федерациа дахагылан.

Қеҭеван Лосабериӡе  Вахтанга Горгасали II аҩаӡара иордени, Апрезиденттә ордени, Ажәларқәа реиҩызара аордени ланашьан.