"Альт-Инфо" алахәылацәа Самеба аныхабааҿ Матрона ацқьа лныхачаҧа аҧхасҭатәара зхарарҵо  Ната Ҧераӡе лыҩны аҧхьа еизеит
"Альт-Инфо" алахәылацәа Самеба аныхабааҿ Матрона ацқьа лныхачаҧа аҧхасҭатәара зхарарҵо  Ната Ҧераӡе лыҩны аҧхьа еизеит

Қарҭ,  атәылауаҩратә активист Ната Ҧераӡе дахьынхо аҩны аҧхьа еизеит  «Альт-Инфо» алахәылацәа.

Дара рҳәамҭала, иацы Ната Ҧераӡе Самеба аныхабааҿы Москватәи Матрона ацқьа лныхачаҧа ашәыга ақәҭәаны иҧхасҭалтәит, дара ари афакт иадҳәаланы апротест ҟарҵоит.

Аполицаицәа Ҧераӡе дахьынхо аҩны анеирҭақәа адыркит.  Акциа алахәылацәа мчыла Ҧераӡе лыҩны иҩналар рҭахуп, аха, азинхьчаҩцәа уи еиҧш алшара рырҭом.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра абри афакт иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәахьеит.

«Атәылауаҩратә шәарҭадареи  азинеиҿкаареи ахьчара амзызла, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Қарҭ, атәылауаҩратә активистк лыҩны аҧхьа игылоуп. Акциа аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит агәаанагара аарҧшра ахақәеиҭреи аизарақәеи ирызку азакәан аҳәаақәа ирҭымҵырц», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.