"Альт-инфо" аиҿкаарала апарламент аԥхьа акциа мҩаԥысуеит
"Альт-инфо" аиҿкаарала апарламент аԥхьа акциа мҩаԥысуеит

“Альт-инфо” аиҿкаарала апарламент аԥхьа акциа мҩаԥысуеит.

Акциа аиҿкааҩцәа руаӡәы, Зураб Махараӡе иҟаиҵаз аҳәамҭала, урҭ Самеба акафедралтә ныхабаа аҿы иԥшьоу Матрона лныхачаԥа ашәыга ақәызҭәаз ахаҿы иқәнага иақәыршәара азҵаара иқәдыргылоит.

Акциа алахәыла Ирма Инашвили ишазгәалҭаз, идуӡӡоу арыцҳара ҟалеит, идуӡӡоу ацқьа лаҳаҭыр ладырҟәеит, ари ҟазҵаз ақәнага дақәдыршәатәуп.

Акциа иалагаанӡа, Апатриархиа аланарҵәаз аҳәамҭаҿ адоуҳаныҟәгаҩцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит, апарламент аԥхьа акциа аполитикатә ма адеструктивтә сахьа арҭозар, акциа рҽаладмырхәарц.