Актәи аканал аԥшьгарала Shark Tank Georgia алахәылацәа акселерацианӡатәи апрограмма иахысуеит
Актәи аканал аԥшьгареи афинансркреи рыла Shark Tank Georgia апрограмма актәи асезон алахәылацәа Абизнеси атезнологиақәеи руниверситет (BTU) аҿы акселерацианӡатәи апрограмма иахысуеит. Апрограмма хымчыбжь рыҩнуҵҟа мҩаԥгахоит. Атренингқәа рсериа аалыртит Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили
«Shark Tank Georgia» ателешоу мацара акәӡам иҟоу, ари аидеиа ҿыцқәеи аинвестициақәеи иахьеиԥыло қәыԥшылароуп. Актәи асезон аҿы аинвестициақәа рхыԥхьаӡара 1,5 миллион иаҟаран, аԥара 14 проект рзоужьҭын,” 0 илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили.
Акселерацианӡатәи апрограмма ҵаҟа иаагоу азҵаарақәа ирызкуп:
- аџьармыкьеи аалыҵи реинаалара
- аклиентҵәа рҟны аизыҟазаашьақәа
- абизнесмодели уи аҵаки, абизнесмоделқәа зеиԥшроу
- афинансқәа
- аинвесторцәа рҟны аизыҟазашьақәеи иаҭаху адокументқәеи.
Хара имгакәа Shark Tank Georgia аҩбатәи асезон Актәи аканал аҿы иалагоит. SONY Pictures ателешоу ахәаԥшцәа 2021 шықәса абҵаразы ирыдгалан. Апоект ахәԥса 1,5 миллион доллар иаҟаран.