Акциа алахәылацәа Қырҭтәыла апарламент аԥхьа “Ақырҭуа гәахәтәы” мшаԥы 29 рзы имҩаԥнаго аизара инамаданы игылоу асцена азааигәахареи аполициа акордон акылжәареи рҭахын. Аҭыԥ аҿы иҟоу Актәи аканал ажурналистцәа ишаарыцҳаз ала, апарламент аԥхьа аҭагылазаашьа цәгьахеит.
Асцена ааигәара азакәанхьчаҩцәа амобилизациа рзууп, урҭ акциа алахәылцә акордон акылжәара алшара рырҭом.
Акциа алахәылацәа азакәанхьчаҩцәа еиуеиԥшым аматәарқәа иргәыдырҵоит.
Акциа Ареспублика ашҭаҿ иалагеит, пыҭраамҭак ашьҭахь акциа алахәылацәа азакәанҧҵаратә органахь идәықәлеит.