Акоронавирус афакт ҿыцқәа рстатистика атәыла арегионқәа инырқәыршәаны
Қырҭтәыла, икылкаау аҧкрақәа ҩымзтәи аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиненстивтә тестирра иалагеит, ҽнакала аҳәынҭқарраҿы 20 000 тестқәа ҟарҵоит. Аҵыхәәтантәи 24 сааҭ рыла атәыла акоронавирус азы 18 095 тестқәа ҟаҵан. Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак ахаҭарнак Бердиа Сиҷинава.
Иара иажәақәа рыла, иаарҧшыз 5450 афакт ҿыцқәа рстатистика абас ауп ишыҟоу:
Қарҭ — 2053,
Аҷара — 453,
Имереҭи — 931,
Қвемо Қарҭли — 339,
Шида Қарҭли — 528,
Гуриа — 84,
Гыртәыла – Хыхьтәи Шәантәыла — 434,
Кахеҭи — 386,
Мцхеҭа – Мҭианеҭи — 104,
Самцхе – Джавахеҭи — 105,
Раҷа-Лечхумии Ҵаҟатәи Шәанәтылеи — 33.
Иахьазы атәылаҿы акоронавирус 27 456 активтә фактқәа иҟоуп.