Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 963 Қарҭ иаарҧшын, 178 – Имереҭи, 131 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 28 532 атестқәа: 20 349 – антиген азы, PCR – 8 183.
Аҵоура арбага: мышктәи – 5,76%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 6,07%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 6,35%.
Аепидемиa иaнaлaгa инaркны иaхьaнӡa, aтәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәоуп 324 256–ҩык, урҭ рҟынтә 303 679-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 4 336-ҩык иҧсит.
Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 67 136-ҩык, мышкала – 4 689-ҩык.
Акaрaнтинтә қәыҧшылaрaқәa рҿы иҟоуп 65-ҩык, 775-ҩык aклиникатә сaсaaирҭaқәa рҿы иҟоуп, 4 296 -ҩык aхәышәтәырҭaқәa ирҭоуп.
Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 1788 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 963 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 127, Имереҭи — 178, Қвемо Қарҭли — 78, Шида Қарҭли — 72, Гуриа — 58, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла —131, Кахеҭи — 79, Мцхеҭа – Мҭианеҭи — 73, Самцхе-Џьавахеҭи — 16, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи — 13.