Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 321 Қарҭ иаарҧшын, 68 – Аҷара, 38 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла
Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 509 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 321 Қарҭ иаарҧшын, 68 – Аҷара, 38 – Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла/ Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 7 476 атестқәа: 3111 – антиген азы, PCR – 4365.
Аҵоура арбага: мышктәи – 6.81%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 5%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 5.6%.
Аепидемиa иaнaлaгa инaркны иaхьaнӡa, aтәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәоуп 312 954–ҩык, урҭ рҟынтә 294 252-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 4 163 -ҩык иҧсит.
Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 45344-ҩык.
Акaрaнтинтә қәыҧшылaрaқәa рҿы иҟоуп 89-ҩык, 790-ҩык aклиникатә сaсaaирҭaқәa рҿы иҟоуп, 4114-ҩык aхәышәтәырҭaқәa ирҭоуп.
Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 509 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 321 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 68, Имереҭи — 15, Қвемо Қарҭли — 15, Шида Қарҭли — 4, Гуриа — 3, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла —38, Кахеҭи — 24, Мцхеҭа – Мҭианеҭи — 14, Самцхе-Џьавахеҭи — 5, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи — 2.