Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 263 Қарҭ иаарҧшын, 53 - Аҷара, 50 - Имереҭи
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 263 Қарҭ иаарҧшын, 53 - Аҷара, 50 - Имереҭи

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 263 Қарҭ иаарҧшын, 53 – Аҷара, 50 – Имереҭи. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп  11665 атестқәа:  6137 – антиген азы,  PCR – 5528.

Аҵоура арбага: мышктәи –  4.32%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 4.90%, иҳаҩсыз 7 мштәи –  3.84%.

Аепидемиa иaнaлaгa инaркны иaхьaнӡa, aтәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәоуп 330879–ҩык, урҭ рҟынтә  310859-ҩык aчымaзaрa иaлҵит,  4 469-ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 89260-ҩык, мышкала –  738-ҩык.

Акaрaнтинтә қәыҧшылaрaқәa рҿы иҟоуп 67-ҩык, 657-ҩык aклиникатә сaсaaирҭaқәa рҿы иҟоуп,  4395-ҩык aхәышәтәырҭaқәa ирҭоуп.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз  504 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә:  263 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 53, Имереҭи —  50, Қвемо Қарҭли  —  20,  Шида Қарҭли  —   13, Гуриа  — 4, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  — 44,  Кахеҭи  —  33,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  —  7,  Самцхе-Џьавахеҭи  — 11, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи  — 6.