Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 111 Қарҭ иаарҧшын, 20 - Гуриа , 19 - Имереҭи
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 111 Қарҭ иаарҧшын, 20 – Гуриа , 19 – Имереҭи. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп 9 211 атестқәа: 4121 – антиген азы, PCR – 5090.
Аҵоура арбага: мышктәи – 2.48 %, иҳаҩсыз 14 мштәи – 1.85 %, иҳаҩсыз 7 мштәи – 2.10%.
Аепидемиa иaнaлaгa инaркны иaхьaнӡa, aтәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәоуп 284 061-ҩык, урҭ рҟынтә 275 024-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 3 822 -ҩык иҧсит.
Акaрaнтинтә қәыҧшылaрaқәa рҿы иҟоуп 219-ҩык, 218-ҩык aклиникатә сaсaaирҭaқәa рҿы иҟоуп, 1 876-ҩык aхәышәтәырҭaқәa ирҭоуп.
Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 228 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 111 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара — 16, Имереҭи — 19, Қвемо Қарҭли — 5, Шида Қарҭли — 17, Гуриа — 20, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла — 20, Кахеҭи — 5, Мцхеҭа – Мҭианеҭи — 6, Самцхе-Џьавахеҭи — 4, Раҷа – Лечхумии Аладатәи Шәантәылеи — 5.