Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 101 Қарҭ иаарҧшын, 37 – Имереҭи, 21 - Шида Қарҭли
Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 101 Қарҭ иаарҧшын, 37 – Имереҭи, 21 - Шида Қарҭли

Акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә 101 Қарҭ иаарҧшын, 37 – Имереҭи, 21 – Шида Қарҭли. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟнытә.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп  20782 атестқәа: 18 761 – антиген азы, PCR – 2 021 .

Аҵоура арбага: ҽнактәи – 1.31%, иҳаҩсыз 14 мштәи – 2.2%, иҳаҩсыз 7 мштәи – 1.82%.

Атәылaҿы aкоронaвирус aдиaгноз рзышьaқәырҕәҕәан 1 650 981-ҩык, урҭ рҟынтә 1 630 564-ҩык aчымaзaрa иaлҵит, 16 765-ҩык иҧсит.

Атәылаҿ алаҵақәа рзыҟаҵоуп 2 864300-ҩык, ҽнакала алаҵа рзыҟаҵоуп 577-ҩык.

Иахьа атәылаҿы иаарҧшыз 273 акоронавирус афакт ҿыцқәа рҟынтә: 101 Қарҭ аарҧшуп, Аҷара – 17, Имереҭи  – 37, Қвемо Қарҭли  –  19,  Шида Қарҭли –  21, Гуриа  – 21, Гыртәыла-Аҩадатәи Шәантәыла  –  17, Кахеҭи –  21,  Мцхеҭа – Мҭианеҭи  – 6, Самцхе-Џьавахеҭи  – 6, Раҷа-Лечхәыми-Ҵаҟатәи Шәантәыла – 7.