Аконституциатә аӡбарҭа Қырҭтәыла ахада лыла Аконституциа аилагара афакт шьақәнаргылеит
Аконституциатә аӡбарҭа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили лыла Аконституциа аилагара афакт шьақәнаргылеит. Ари аӡбара рыларҳәеит Аконституциатә аӡбарҭа аилатәаратә залаҿ.
Апленуи жәҩык алахәылацәа рҟынтә фҩык ари аӡбара иадгылеит.
«Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, 2023 шықәса нанҳәа 31-и цәыббра 1-и 6-и рзы, адәныҟатәи аизыҟазаашьақәа рҿы ахаҭарнакратә зинмчқәа налыгӡон Қырҭтәыла аиҳабыра рықәшаҳаҭрада, убри ала, Қырҭтәыла ахада, Қырҭтәыла Аконституциа 52-тәи ахәҭаҷ 1 апункт «а» ахәҭаҷеиҵа еилалгеит. Аӡбарҭа ақәҵара инақәыршәаны, ари афакт Қырҭтәыла Аконституциа 48-тәи ахәҭаҷ ахықәкқәа реилагароуп. Аконституциатә аӡбарҭа асаитаҿ икьыҧхьу ақәҵара аҵыхәтәантәиуп, уи аиҭахәаҧшра ҟалом. Ақәҵара ахкьыҧхьаа дәықәҵазароуп Қырҭтәыла апарламенти, Қырҭтәыла ахадеи, Қырҭтәыла аиҳабыреи, Қырҭтәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи рахь. Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара, зыҧшра ҟамҵакәа идәықәҵазароуп «Қырҭтәыла азакәанҧҵаратә дырраҭара» ашҟа. Аӡбара рнапы аҵарҩуеит апленум аилазаара наӡа, Аконституциатә аӡбарҭа жәҩык алахәылацәа», — иҳәеит Аконституциатә аӡбарҭа ахантәаҩы Мераб Турава.
Аконституциатә аӡбарҭа аӡбара анаднакыла ашьҭахь, атәыла ахада лимпичмент азҵаара рыӡбоит апарламентаҿ, атәыла ахада ламхразы апарламент 100ҩык адепутатцәа рбыжьқәа аҭахуп.