Аколл-центр аус иадҳәаланы Қырҭтәыла апрокуратура ала аанкылоуп атрансмилаҭтә ацәгьауратә гәыҧ алахәылацәа
Қырҭтәыла апрокуратура хадеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи ала аанкылоуп атрансмилаҭтә ацәгьауратә гәыҧ хәҩык алахәылацәа.
Қырҭтәыла апрокуратура хада аинформациа ишану ала, иаанкылоу ауааҧсыра, Германтәылеи егьырҭ атәылақәеи ртәылауаа ижьаны, ааҧара рацәа рымхны, азакәандааратә хашәала изакәаныртәит.
«Аколл-центр аусзуҩцәа, заанаҵы еиқәырәшаз аплан инақәыршәаны, еиуеиҧшым атәылақәа ртәылауаа рҟны аимадара шьақәыргыланы, акциақәеи, атауарқәеи, авалиутеи рыла аелектронтә хәаахәҭра рыдаргалон, уи азыҳәан рхы иадырхәон ацәгьауратә гәыҧ ала иаҧҵаз аелектронтә платформақәа», — иануп апрокуратура аҳәамҭаҿы.