Аклиника «Вивамед» аинформациала, Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп
Аклиники «Вивамед» аҳақьым Ҭамар Ҷантуриа лҳәамҭала, Михаила Саакашвили игәабзиара ҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, аха, аҳақьымцәа рхылаҧшра иҭахуп.
Михаила Саакашвили иан Гиули Аласаниа лажәақәа шьаҭас иҟаҵаны аҳақьым ишылҳәаз ала, амедиеҳәшьа апалатаҿ даныҟамыз Саакашвили иҧсы маҷхеит.
«Саакашвили ипалатаҿ, раҧхьаӡа акәны, амедиеҳәшьа дыҟамызт, аха, уаҟа дыҟан иан Гиули Аласаниа. Лара ишылҳәаз ала, апациент иҧсы маҷхеит, аха, сара саннеии хар имамкәа дыҟан, хәыҷык алахаҵгежьра иман. Аневролог дибан, апациент иҧсы маҷханы дышкаҳаз шьақәимырҕәҕәеит», — илҳәеит Ҷантуриа.