Аҩы амилаҭтә агентра ацхыраарала, Америка иреиҕьу алелееилахәырақәа иреиу CBS, ақырҭуа аҩы иазкны аҭыхымҭа ду Ancient Vines армазеит. Аҭыхымҭа ддырбеит абҵара 26 рзы, аканал #CBS апрограмма «60 минуҭ» аҿы.
Зыӡбахәы ҳәоу аҭыхымҭа 8 нызқьшықәсатәи аҭоурых змоу ақырҭуа аҩы аҟаҵашьеи иахьатәи ааглыхреи иазкуп.
Аҭыхрақәа мҩаҧысуан Алаверди аепархиаҿы, аҩыҟаҵаҩ Заза Кбилашвилии аҩыҟаҵарҭа «Абнакәты алаҕырӡқәеи» рҟны.
«Ауаҩы дыҧсыр ауеит, аха, ақырҭуа аӡахәа — наӡаӡатәиуп», — иҳәеит Алаверди амитрополит Абба Алавердитәи Давиҭ.
Иара убас, аҭыхымҭаҿы ачысҟаҵаҩы Ҭекуна Гачечилаӡе ақырҭуа ачысҟаҵара иазкны еиҭалҳәоит.